Уи ачемпионат аҟны иеицлабуан Урыстәыла 22 регион рҟынтәи аспортцменцәеи аҳәаанырцәынтәи иааз атәылауааи, иара убас Аԥснытәи аспортменцәеи.
Аицлабраҿы алеитенант еиҳабы Диана Романова Урыстәыла дачемпионхеит. Илгеит актәи аҭыԥқәа ҩба, Урыстәыла аԥхьагылара, итрадициатәу карате фудокан 1988ш. акатегориеи инеиҳау рҟны.
Убри иадәаланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура анапхгаҩы аинрал-маиор Габлаиа Рамин Заур-иԥа иусзуҩцәеи иареи еиҽыркааит, афинанстә аҟәша лхаҭыԥуаҩ Диана Романова, аҳҭнықалақь Уфа имҩаԥысуаз Ачемпионати Аԥхьагылареи илгаз аиааира адныҳәалара. Диана лыҷкәын хәыҷгьи аԥхьахә ахьигаз азы адныҳәалара лзыҟарҵеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура анапхгаҩы адҵа ҟаиҵеит алеитенант еиҳабы Диана Р. афинанстә премиа ланашьаразы.