Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура 2023 шықәса жьырныҳәамза 1 инаркны хәажәкырамза 31 нӡа иаҵанакыз аамҭахәҭазтәи аусура алҵшәақәа рзы адырра ҟанаҵоит.

26 Мшаҧы 2023

Мшаҧымза 4 рзы, Аҧсны амиграциатә маҵзураҟны имҩаҧысит аилацәажәара, уа  2023 шықәса, актәи аквартал азтәи аусура аихшьаалақәа ирзааҭгылан. Иазгәаҭан, 2023 шықәса, актәи аквартал азы Аҧсны амиграциатә маҵзура аусура иабзоураны абиуџьет иаланагалаз аҳәынҭқарратә ҳаза акыр ишышьҭыҵыз.

Убас,  2022 шықәса жьырныҳәамза 1 инаркны хәажәкырамза 31  нӡа иаҵанакыз аамҭахәҭазы абиуџьет ахь иаланагалаз аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылазар 15.851.500 мааҭ, 2023 шықәса иара абри аамҭахәҭа иалагӡаны абиуџьет иалагалан 20.171.830 мааҭ.

Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура 1.01.2023ш. инаркны 31.03.2023 ш. иаҵанакыз аамҭахәҭазтәи  аусура алҵшәақәа рзы аҳасабырба.

Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура иарбоу аамҭахәҭа иалагӡаны абас - еиҧш аусура мҩаҧнагеит:

 

1.Авизақәа роуразы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтә - 1971 арзаҳал  рыдыркылеит.

2.Аусуразы авизақәа рыҭара аан ишәаз аҳаза ишьақәнаргылеит- 8.815.230 мааҭ.

3.Амиграциатә шәҟәҭагалара иахыжьын - 1189-ҩык.

4.Амедицинатә гәаҭара иахысит - 2115-ҩык.

Убри аан иаарҧшын:

5.А-ВИЧ инфекциа – 0- ҩык.

6.Агепатит В змоу - 80-ҩык.

7.Агепатит С змоу  - 378-ҩык.

8.Алегализациа рызуын, мамзаргьы арзаҳал алазҵаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусуразы апатент рыҭан – 1590- ҩык; урҭ рахьтә апатентқәа- 160.

9.Аусураҭаҩцәа рҟынтә 161 арзаҳал рыдыркылеит.

Ахшәаарақәа:

  1. Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусура азин рыҭаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылеит - 7.269.100 мааҭ.
  2. Аҳәаанырцәтәи атәылауа апатент рыҭаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылеит - 1.185.800 мааҭ.
  3. Аусурҭаҭаҩцәа аҳәаанырцәтәи аусзуҩцәа рыхрархәареи аусура радҧхьалареи азы азин аҟаҵаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза иартәеит - 2.879.500 мааҭ.

13.Административтә ҧҟара инақәыршәаны аӡбарҭахь инашьҭын 25 материал.

14.Ахараҧсатә санкциақәа рҟынтә Аҧсны Аҳәынҭқарратә абиуџьет иаланагалеит - 22.200 мааҭ.

15.Аусурҭаҭаҩцәа рганахьала планла иарбаз агәаҭарақәа 10 мҩаҧган.

16.Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтә аӡәы атәыла далцан.

 
  Ас-еиҧш аихьӡарақәа раарҧшра алыршахеит  Аҧсны Аминистрцәа реилазаара Аппарати, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аҧсны аҳазалхратә еилаки, Аҧсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭеи русеицура иабзоураны.

Убри анаҩсгьы, Аҳәынҭқарратә амиграциатә маҵзура иалшеит 2023 шықәса алагамҭазы иақәыз ауалқәхақәа  зегьы ршәара, арҭ ауалқәхақәа 2016 шықәса раахыс еиқәыло иааиуан, иагьдыртәеит  850.000  нызқь мааҭ. Убасгьы, иҳаҩсыз ашықәс азын Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура  аусураҟны азакәанҧҵара иахьынӡақәныҟәо аилкааразы агәаҭарақәа мҩаҧган, уи аус нарыгӡеит Ахылаҧшра-ревизиатә усбарҭеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Арратә прокуратуреи.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me