Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциа амаҵзура ахаҭарнак асоциалтә ҳақәа раларҵәара иазкыз алекциа далахәын. Уи мҩаҧылгон МИА «Россия сегодня» авидео аҧҵара адирекциа аиҳабы

15 Лаҵара 2023

Лаҵарамза 11 рзы, жәларбжьаратәи ажурналисттә проект SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны, асоциалтә ҳақәа раларҵәара рымҩаҧгара иазкыз алекциақәа ирыҧхьан. Урҭ рымҩаҧгаразы ааҧхьара лыҭан МИА «Россия сегодня» авидео аҧҵара адирекциа аиҳабы Ольга Анисимова.


Лара еиҭалҳәеит аконтент аҿиашьа, аудиториа рҭахрақәа рықәшәашьа, насгьы аексперементқәа рымҩаҧгара ишацәымшәаша. Убасгьы, Ольга Анисимова дазааҭгылеит еиуеиҧшым асоциалтә даҟьақәа рхыбгалара иадҳәалоу аҭоурыхқәа, илҳәеит ас-еиҧш ашәарҭара ҟамларцаз иарбан шьаҿақәоу иҟаҵатәу.
«Иарбан даҟьазаалак, шаҟаҩ анапаҵаҩцәа амоу, заҟа аамҭа имҩаҧыжәго ара ихадам, иара ихыбгалар мамзаргьы, аблокада азыруыр ауеит. Ҳаамҭазы аҭагылазаашьа даара иҭышәынтәалам. Убри азыҳәан аамҭаказы ҩба хҧа даҟьа зныкала еицымҩаҧгалатәуп. Усҟан даҟьак акы анахь шә-аудиториа иаарласны егьи адаҟьахь ииажәгар шәылшоит. Ус ҟалоит, ҳаргьы иҳахьхьеит. Аха, агәкажьра аҭахым»- лҳәеит Анисимова.
Аиҧылара иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу еиуеиҧшым ахылаҧшырҭақәеи амаҵзурақәеи рхаҭарнакцәа. Иара убасгьы, иҳәан ас-еиҧш алекциақәа аквалификациа аизырҳареи аҧышәа ҿыц аиуреи рзы иаҭахны ишыҟоу.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

В.Г. Ардзинба имҩа 4, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-23

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

 

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика