Аусмҩаԥгатә иалахәын, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә Амиграциатә маҵзура анаԥхгара, амаҵзурауаа, Аԥсны Атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа.
Аршба В.Гь. диит лаҵара мза 8, 1959 шықәса рзы Қарҭ, аруаҩ иҭаацәара аҟны.
1980 шықәса рзы Қарҭтәи Иреиҳаӡоу артиллериатә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа далгоит.
Германиа ирратә уалԥшьа ихигон Асовет Еидгыла ар реилазаараҿы.
1981 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа Владимир Аршба ирратә уалҧшьа неигӡон 1074-тәи абыжьтәии арадиолокациатәи ҧшыхәратә полк 108-тәи амотохысратә дивизиа аҟны. Раҧхьа аоптикатә ҧшыхәра авзвод, анаҩс абжьытәии арадиолакациатәи ԥшыхәра авзвод акомандаҟаҵаҩыс дыҟан.
1982 шықәса рзы далахәын Панджшертәи аоперациа, ҩынтә дхәын.
1988 шықәса рзы, Афганистан аамышьҭахь иара Ермантәыла ирратә маҵзура иациҵеит. Уа дрылахәын Спитак иҟаз адгьылҵысра ахҟьа-ҧҟьақәа раҧыхразы еиҿкааз аусмҩаҧгатәқәа.
1991 шықәса рзын Тҟәарчал ақалақь аҿы Арратә комиссарс дҟаҵан.
1992 шықәса, февральмза инаркны Аҩныҵҟатәи аполк хазы игаз абаталион акомандаҟаҵаҩыс дарҭоит.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.
Сентиабрмза, 1992 шықәса рзы Аҧсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩыс дҟаҵан, 1992 шықәса октиабрмза 11 инаркны Аҧсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа наигӡон.
Ноиабрмза 1992 шықәса рзы ҕәҕәала дхәын.
1993 шықәса рзы Аҧсны атәылахьчара аминистрс дҟаҵан.
1993 шықәса, апрельмза азы игәамбзиара иахҟьаны Атәылахьчара аминистрра аминистр иҭыҧ аҟынтә ихы дақәиҭтәны, арратә зҵаарақәа рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы иабжьгаҩыс дҟаҵан.
1993 шықәса инаркны 1996 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә комиссарс дыҟан.
1996 – 2004 -тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, Аштаб хада аиҳабыс дыҟан.
2004 шықәса рзы Владимир Аршба имаҵзура аҟынтә ихы дақәиҭтәын, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа дахьрылахәыз инамаданы.
2009 шықәса инаркны 2015 шықәса рҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә Амиграциатә маҵзура данаԥхгаҩын.
Владимир Аршба ианашьоуп еиуеиԥшым Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.
Аибашьраан иааирԥшыз агәымшәареи, агәаӷьреи рзы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак ихырҵеит.
Аҧсны арбџьармчқәа рнаԥхгараҭараҿы илиршаз аихьӡарақәа рзы ианашьоуп Леон иорден.
Атәыла Арбџьармчқәа реиҿкааҩцәа ируаӡәкыз, Аҳәынҭқарра Атәылахьчара раҧхьатәи аминистырс иҟаз Владимир Аршба, аиааиреи азхаҵареи рышьақәыргыларазы, хымеигӡара ҟамҵакәа иқәԥоз драҧхьагылан.
Иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 16, 2018 шықәса рзы.