Аҟәа ақалақь аҟны ареидтә усмҩаҧгатәқәа.

26 Лаҵара 2023

Ареидқәа рымҩаҧгара хықәкыс иамоуп аргыларақәа ахьцо, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи атәылауаа гәыҧ-гәыҧла иахьеизо аҭыҧқәа рҭаара урҭ рдокументқәа агәаҭаразы. Зегь раҧхьа иргыланы еилкаатәуп атәылауаҩы атәым ҳәынҭқарра аҟынтәи данааз, анаҩс иара изеиҭарҳәоит, абжьгарақәа изыҟарҵоит анаҩстәи ихымҩаҧгашьазы, Аҧсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа азакәаншьаҭа аманы аҟазаара азин иоуырц азы.

  Аҳәаанырцәтәи атәылауаа  Аҧсны аҟазаара азы азин рызҭо адокументқәа рымамзар Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа урҭ аанкыланы,  ахылаҧшырҭахь инаргоит  ргнахьала азакәан шьаҭа змоу аӡбамҭа адкыларазы.

  Планла иарбоу ареидтә усмҩаҧгатәқәа мызкахьы  знык-ҩынтә инарыгӡоит, аха аинспекторцәа ес-ҽны анҭыҵынтәи агәаҭарақәа мҩаҧыргоит аҳәаанырцәтәи атәылауаа ирацәажәоит.

  «Иахьынӡа алшо ҳрыцхраауеит, аҧсҭазаараҿы еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ҟалоит азын. Идеилҳаркаауеит адокументқәа шыҟаҵатәу, уи азын иаҭахыу. Аха, абжьгарақәа ираҳҭо анынармыгӡалакь русқәа аӡбарҭахь инаҳашьҭуеит»- иҳәеит Амиграциатә маҵзура УМК II аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Берулаа Г.В. «Ҧхынҷкәынмза  азын ара иҟоу аҳәаанырцәтиәи атәылауаа рҭаацәа рахь ицоит, избанзар аҳауатә ҭагылазаашьа аус днаруам, аха нас хәажәкырамза азын еиҭагьежьуеит» - ҳәа азгәеиҭеит Берулаа.

    Иҟоуп убас еиҧш атәылауаа шықәсыла зыҩныҟа имцогьы:

 «Сара ҧшьышықәса ҵуеит сыҩныҟа сымцеижьҭеи. Смаҭа иирагьы сақәымшәеит. Даҽа ҩымзҟа аус зуырц сҭахыуп, нас сҭаацәа рахь сцоит»- иҳәоит Таџьиқьисҭан атәылауаҩы Магомед.

   Иара убасгьы, еиҭеиҳәеит  арахь иҧеиҵыбгьы усура ҳәа дааигарц шиҭахыу, уи иидыруа зегьы шиирҵаз ара даанкыларц азы. «Сара ара зегьы сырдыруеит. Ибзианы аус ууазар, еснагь аусутә уоууеит, ибзианы иузныҟәоит . Ара сашьцылеит, сыҩныҟагьы сцомызт аха, сҭаацәа гәхьаазгоит»

  Узбексиҭан атәылауаҩы – Зоиа илҳәеит уадаҩрас  илымоу аурысшәа ахьылзымдыруа шакәу. «Уи иахҟьаны аилибамкаарақәа ҟалалоит. Убри аҟынтә аурысшәа здыруа аӡәы данҳацу уи зегьы рзын деиҭагаҩхоит. Аҭел ианаҳзасуа аҭакқәа ҟаиҵоит, аусурҭа ҭыҧқәа ҳзыиҧшаауеит, адокументқәа ҳзыҟаиҵоит. Уи ҳәарада уарааҧсоит»- лҳәеит лара.

  Убри аан дара иазгәарҭоит адокументқәа рыҟаҵара аан уадаҩра шрызцәырымҵуа.

Зыӡбахә ҳәоу аусмҩаҧгатәқәа, аоперативтә ҟәша аусзуҩцәа  еснагь инарыгӡоит, ааҧын аамҭазы аусуразы Аҧсныҟа иаауа амигрантцәа рхыҧхьаӡара ахьеизҳауа инамаданы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура  аоперативтә еиҟәшақәа  ҷыдалатәи аусуратә аамҭахьы ииагоуп.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me