Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура аиҳабы аинрал-маиор Рамин Габлаиеи Аҧсны аԥыза-министр Александр Анқәаби реиқәшәараан 2023 шықәса актәи азыбжазтәи аусура аихшьаалақәа ирзааҭгылеит

21 Ԥхынгәы 2023

Ԥхынгәы 13  2023 шықәса рзы,  Аминистрцәа реилазаара аҟны имҩаԥысит Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура аиҳабы аинрал-маиор Рамин Габлаиеи аԥыза-министр Александр Анқәаби амаҵзура актәи азыбжазтәи аусура аихшьаалақәа  ирызкыз  аилацәажәара.

Амиграциатә маҵзура аиҳабы иазгәаиҭеит 2023 ш. актәи азыбжазы амиграциатә маҵзура аусура иабзоураны абиуџьет иаланагалаз аҳәынҭқарратә ҳаза акыр ишышьҭыҵыз.

2023 шықәса жьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынгәы 7 нӡа иаҵанакыз аамҭахәҭазы абиуџьет ахь иаланагалаз аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылазар 44.564.506 мааҭ, 2022 шықәса иара абри аамҭахәҭа иалагӡаны абиуџьет иалагалан 32.420.320 миллион мааҭ. Амаҵзура аусура иабзоураны иубарҭоуп 37,46 % апроцент рҟынӡа  аизҳара шыҟоу.


1.Авизақәа роуразы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтә - 4061 арзаҳал  рыдыркылеит.

2.Аусуразы авизақәа рыҭара аан ишәаз аҳаза ишьақәнаргылеит- 17.487.630 мааҭ.

3.Амиграциатә шәҟәҭагалара иахыжьын - 2430-ҩык.

4.Амедицинатә гәаҭара иахысит - 4435-ҩык.

Убри аан иаарҧшын:

5.А-ВИЧ инфекциа  змаз  ҩыџьа.

6.Агепатит В змоу - 195-ҩык.

7.Агепатит С змоу  - 84-ҩык.

8.Алегализациа рызуын, мамзаргьы арзаҳал алазҵаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусуразы апатент рыҭан – 3717-ҩык; урҭ рахьтә апатентқәа- 523.

9.Аусураҭаҩцәа рҟынтә - 400 арзаҳал рыдыркылеит.

Ахшәаарақәа:

  1. Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусура азин рыҭаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылеит – 15.837.600 мааҭ.

11.Аҳәаанырцәтәи атәылауаа апатент рыҭаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылеит - 4.389.600 мааҭ.

12.Аусурҭаҭаҩцәа аҳәаанырцәтәи аусзуҩцәа рыхрархәареи аусура радҧхьалареи азы азин аҟаҵаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза иартәеит – 6.811.416 мааҭ.

13.Административтә ҧҟара инақәыршәаны аӡбарҭахь инашьҭын 55 материал.

14.Ахараҧсатә санкциақәа рҟынтә Аҧсны Аҳәынҭқарратә абиуџьет иаланагалеит – 36.260 мааҭ.

15.Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтә аӡәы атәыла далцан.

Убас, амиграциатә маҵзура абзоурала 28 Аҳәаанырцәтәи ахәынҭқаррақәа рыҟнытә иааз аусзуҩцәа амиграциатә шәҟәҭагалара иахыжьын.

Ас-еиҧш аихьӡарақәа раарҧшра алыршахеит Аҧсны Аминистрцәа реилазаара Аппарати, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аҧсны аҳазалхратә еилаки, Аҧсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭеи русеицура иабзоураны.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me