Аусмҩаҧгатәқәа раан аҳҭнықалақь ахатәыҩнқәа руак аҟны амиграциатә усбарҭа аҟәша аусзуҩцәа ирбеит Туркментәылантәи аџьатә мигрантцәа 17-ҩык. Урҭ рахьтә 15 -ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа ашәҟәҭагаларатә талонқәа рымамызт.
Дара зегьы Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзурахьы инаган, уа амаҵзура аусзуҩцәа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рганахьала административтә материалқәа шьақәыргыланы, ахәаҧшразы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭахь инарышьҭит, иаанкылоу рганахьала азакәаншьаҭа змоу аӡбамҭа адкыларазы.