Ацеремониа убасгьы иалахәын Аԥсны Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи аветеранцәа, Урыстәылантәи аделегациа,ҳтәыла ауаажәларра.
Аԥсны есышықәса, Нанҳәа 15 рзы хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Ари амш, 1992-1993 шш.рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьр аан Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа , Лада Урыстәылантәи , Аахыҵ Уаҧстәылантәи, Преднистровиа Молдовиатәи ареспубликақәа, Шьамтәыла, Иорданиа, Ҭырқәтәыла уҳәа рҟынтә ҳџьынџьуаа Аԥсны жәлар ирыдгылан хатәгәаҧхарала иааны еибашьуаз зегьы ргәалашәара ирызкуп.
Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҩбатәи амш азы аинрал Сулҭан Сосналиев хатәгәаԥхаралатәи Нхыҵ Кавказтәи агәыԥқәа наԥхгара рыҭо Аԥсныҟа даахьан.
2310-ҩык хатәгәаԥхарала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын. Урҭ рҟынтә Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык. 51-ҩык «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ иаԥсахеит. 300-ҩык рҟынӡа Леон иорден ранашьоуп. 700-ҩык инарзынаҧшуа Агәымшәараз амедал рыҭоуп.