Аиааира ду Амш!

10 Жьҭаара 2023

Аиааира Амш- ари зегьы еидызкыло мшуп: Аиааира аагаразы еибашьуаз атыл аҟны аус зуаз, зыуа зҭахы зцәыӡыз, иахьа уажәраанӡа урҭқәа згәалашәо, насгьы аибашьра ззын иҭоурыху.

Ари аныҳәа азгәаҭо дарбанызаалак Аҧсны иатәылауаҩу Аҧсны Жәлар р- Џьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз , аветеранцәа ирызгәдууп. Сынтәа , 2023 шықәса рзы, Аиааира иахыҵит 30 шықәса!
Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура анапхгареи аилазаареи Ахьӡ- Аҧша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит, ахақәиҭреи ахьыҧшымреи аагаразы зыҧсҭазаарақәа ахҭнызҵаз ргәаладыршәеит. Анаҩс, аррамаҵзурауаа Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал ахь инеит, ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Нанҳәамза 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла архәҭақәа, аҳәаа иахысны Аҧсны иалалоит, ақырҭуа " гвардиа" бџьарла, џьаҧҳаныла , кәылӡтәы техникала еиқәных иҟаз ирылшеит аҳҭнықалақь Аҟәа рнапахьы аагара. Аха, 413 мшыи ҵхи ицоз аибашьра аҟны Аҧсны жәлар аиааира ргеит. Аҧсуаа ирывагыланы еибашьуан хатәгәаҧхарала арахь иааз Нхыҵ Кавказаа, Лада Урыстәылаа, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рыҷкәынцәа.
Аныҳәа иалахәын Аҧсны Ахада, аиҳабыра, аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа, ҳтәыла ауааҧсыра.
Ҳарҭ- Аиааира ду аазгаз рхылҵшьҭра шәфырхаҵара аҿаҧхьа ҳхырхәоит.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me