Жьҭаарамза 21, 2023 ш. рзы иазгәарҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура 14 шықәса ахыҵра

23 Жьҭаара 2023

Аныҳәа аламҭалаз Аҧсны амиграциатә маҵзура анапхгаҩы аинрал-маиор Р.З.Габлаиа ихантәаҩрала, аныҳәатә ҭагылазаашьаҟны, имҩаҧган амаҵзура аилазаара зегьы злахәыз ацәаҳәақәгылара.

Аныҳәа аҳаҭыразы, насгьы ламысцқьала рмаҵзуратә усмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы, Амиграциатә маҵзура акадрқәа рыҟәша аиҳабы аполковник М.М.Маланиа даҧхьеит изаамҭанытәиу арратә хьӡқәеи, аҳаҭыртә дыргақәеи, аҳаҭыртә бҕьыцқәеи амаҵзура аилазаара амаҵ азызуа ранашьаразы адҵақәа, иара убасгьы аныҳәа аҳаҭыразы 47- ҩык Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа аџьшьара рзыҟаҵан, урҭ зегьы Аҧсны Жәлар р-Џьынџьтәылатә еибашьра аҟны игаз Аиааира 30-шықәса ахыҵра аҳаҭыразы имҩаҧгаз апарад иалахәыз амаҵзурауаа роуп.
Аҧсны Ахада А.Гь.Бжьаниа идҵа инақәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарратә Амиграциатә маҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, аподполковник Гамсаниа Едуард Ҷыҷыкәа-иҧа изаамҭанытәиу арратә хьӡы «аполковник» ианашьан.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Р.З.Габлаиа идҵала, Амиграциатә маҵзура аҧҵоуижьҭеи 14 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы, ахылаҧшырҭа адырга ҷыда «Амаҵзура аҟны зус бзианы иназыгӡо» ранашьан, (ари адырга Амиграциатә маҵзура аиҳабы иадҵа №58 ала ишьақәырҕәҕәан 29.06.2023ш. рзы), абарҭ аусзуҩцәа:
⁃ аполковник Ажьиба Џьими Назбеи-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә Амиграциатә маҵзура аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ.
⁃ аполковникеиҵбы Бганба Виачеслав Валери-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
⁃ аполковникеиҵбы Гамсаниа Едуард Ҷиҷикәа-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
⁃ аполковникеиҵбы Сангәоиа Беслан Евгени-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа аҩбатәи аҟәша аиҳабы.
⁃ амаиор Берулаа Гәырам Валери-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа аҩбатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
⁃ аполковник Маланиа Манана Мсирбеи-иԥҳа, Акадрқәа рыҟәша аиҳабы.
⁃ аполковник Ермолова Рита Хәра-иԥҳа, Аусеилыргареи арежими рыҟәша аиҳабы.
⁃ аполковникеиҵбы Симониа Милиа Борис-иԥҳа, Аусеилыргареи арежими рыҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ.
⁃ аполковникеиҵбы Ԥарцхал-оглы Емзари Рауф-иԥа, Атылтә ҟәша аиқәыршәара аиҳабы.
⁃ аполковникеиҵбы Адлеиба Светлана Ирадион-иԥҳа, Амедицинатә хәҭа аиҳабы.
⁃ аполковникеиҵбы Чаабалырхәа Ҭемыр Ҭенгиз-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гагра араион аҟәша аиҳабы.
⁃ аполковникеиҵбы Ҭраԥшь Асҭамыр Гьаргь-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Очамчира араион аҟәша аиҳабы.
⁃ амаиор Хонелиа Рауль Раули-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Очамчира араион аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.

Аҧсны Аҳәынҭқарратә Амиграциатә маҵзура ахылаҧшырҭатә ҳамҭа – «Амаҵзуратә усқәа ибзиаӡаны рынагӡаразы» III аҩаӡара змоу амедал ранашьан:
⁃ аполковникеиҵбы Аршба Натела Заур-иԥҳа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә Амиграциатә маҵзура аиҳабы иабжьгаҩ.
⁃ амаиор Ҭаниа Ахра Беслан-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа актәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
⁃ амаиор Гогуа Дмитри Ҭемыр-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа актәи аҟәша аинспектор аиҳабы.
⁃ амаиор Мышәба Асҭамыр Васили-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа актәи аҟәша аинспектор аиҳабы.
⁃ акапитан Аҩыӡба Ҭемыр Васили-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа актәи аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Цымцба Асҭамыр Тамир-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа аҩбатәи аҟәша аинспектор аиҳабы.
⁃ акапитан Аӡынба Лагәысҭан Руслан-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа аҩбатәи аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Ануа Киасоу Џьони-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа аҩбатәи аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Џьениа Алиас Заур-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра ҩАмиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа аҩбатәи аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Хәытаба Даур Вадик-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аконтроль аазырԥшуа аҩбатәи аҟәша аинспектор.
⁃ амаиор Царгәыш Адамыр Аслан-иԥа, Аџьатә миграциа аҟәша аиҳабы.
⁃ амаиор Ҭарба Амра Едуард-иԥҳа, Аџьатә миграциа аҟәша аинспектор аиҳабы.
⁃ акапатин Гәлиа Анна Владислав-иԥҳа, Аџьатә миграциа аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Папазиан Мариа Григори-иԥҳа, Аџьатә миграциа аҟәша аинспектор.
⁃ алеитенантеиҵбы Соломко Сабина Зураб-иԥҳа, амедицинатә хәҭа аинспектор.
⁃ амаиор Бениа Алан Нури-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гагра араион аҟәша аинспектор аиҳабы.
⁃ амаиор Хагба Беслан Дмитри-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гагра араион аҟәша аинспектор.
⁃ амаиор Бытәба Анри Вахтанг-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гагра араион аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Долбаиа Михаил Нодар-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гагра араион аҟәша аинспектор.
⁃ амаиор Лакоиа Махаз Владимир-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гәдоуҭа араион аҟәша аинспектор аиҳабы.
⁃ акапитан Амԥар Ардашьын Геннади-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гәдоуҭа араион аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Амԥар Ардашьын Геннади-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гәдоуҭа араион аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Ачба Даут Закан-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гәдоуҭа араион аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Даутиа Борис Алықьса-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гәдоуҭа араион аҟәша аинспектор.
⁃ акапитан Нанба Олег Геннади-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура Гәдоуҭа араион аҟәша аинспектор.


Аҧсны Аҳәынҭқарратә амиграциатә маҵзура аилазаара ирыдныҳәаларц, аныҳәа аҽны, уахь имҩахыҵит Атәылахьчара аминистрра аминистр актәи ихаҭыуаҩы аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьбеи аполковник Д.Бжьаниеи зхадараҿы иҟаз аделегациа, аминистр ихаҭыҧуаҩ ахылаҧшырҭа аминистр аинрал-полковник В.И.Ануа иҟаиҵаз адныҳәалара даҧхьеит.
Иара убасгьы, №406 цәыббрамза 28 2023 ш. рзтәи адҵа инақәыршәаны, Аҧсны Жәлар Р-Џьынџьтәылатә еибашьра аҟны игаз Аиааира 30-шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Аҧсны Атәылахьчара аминистрра иҭнажьыз амедал ранашьан Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа гәыҧҩык.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аиҳабы аинрал-маиор Р.З.Габлаиа напхгара зиҭо амаҵзура аилазаара зегьы ирыдиныҳәалеит аныҳәа, иҭабуп ҳәа реиҳәеит инарыгӡо аусқәа рзы, ирзеиҕьаишьеит агәабзиареи аманшәалареи. Убасгьы иазгәеиҭеит, аус ахьыруа Амаҵзура Аҧсны аҳәынҭқарра амиграциатә шәарҭадаразы даара аҵак ду шамоу, убри аҟынтә досу инаигӡо аусқәа даара ҭакҧхықәрала дрызнеилар шакәу.

--

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me