Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура Ҧсоу аҳәааҟны ареидтә усқәа мҩаҧнагеит.

11 Хәажәкыр 2024

Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура Ҧсоу аҳәааҟны, абҵарамза 3 2023 шықәса инаркны жьырныҳәамза 10 2024 шықәсанӡа ареидтә усқәа мҩаҧнагон.

Арҭ аусмҩаҧгатәқәа ирылахәын Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә гәыҧ.  Ареидтә усмҩаҧгатәқәа  рхықәкы Аҧсны аҵакырахь  иаауа аҳәааныцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара ауп.

 Зыӡбахә ҳәоу аамҭахәҭа иалагӡаны Аҧсныҟа иааит, 70 ҳәынҭқарра рҟынтә, 3.418  - ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа. Ари аамҭахәҭазы Аҧснынтәи иалҵны ицеит 2.705 ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа, 42 тәыла рҟынтә.

 03.11.2023ш. инаркны  10.01.2024 ш. иаҵанакыз аамҭазы, имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа ирыбзоураны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахьаҵанакуа Ҧсоу ахылаҧшра-гәаҭаратә ҭыҧ аҟны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аусзуҩцәа, административтә зинеилагарақәа рзы, ишьақәдыргылеит 176 ҧкаанҵа. Иара убасгьы, аҳәаа иахыжьӡамызт Узбекисҭан атәылауаа хҩык, урҭ уаанӡа административтә зинеилагаразы атәыла иалцан.

Хыхь зыӡбахә ҳәоу аусмҩаҧгатәқәа амиграциатәмаҵзура аусура даара ибзианы ианыҧшит, рхыҧхьаӡара рацәахеит Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура аппарат хадеи, аҵакыратәҟәшақәеи  ирыдҵаало аҳәаанырцәтәи атәылауаа, урҭ зегьы аҳәаа ианахысуаз адырра рыҭан, Аҧсны рыҟазаара азы азин рызҭо, адокументқәа рымазаршакәу.

 2023 шықәса абҵарамзеи ҧхынҷкәынмзеи рзы Аҧсны амиграциатә маҵзура аусура иабзоураны, Аҳәынҭқарра абиуџьет иаланагаз аҳәынҭқарратәҳаза ишьақәнаргылеит 21.063.838 мааҭ.  2022 шықәса ари аамҭахәҭазы иалагалаз аҳаза 12.166.000 мааҭ ыҟан. Аҳәааҿы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа рылҵшәа бзиа азгәаҭаны Аҧсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура 12.02.2024ш. инаркны аусмҩаҧгатәқәа ирыцнаҵеит.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me