Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә Амиграциатә маҵзура аҟны, 2024 шықәса 1-тәи акварталазтәи Амаҵзура аусура аихшьаалақәа ирызкыз, аилацәажәара мҩаҧган.

06 Мшаҧы 2024

02.04.2024 ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аҟны имҩаҧысит аилацәажәара, уи азкын ҳазҭоу ашықәс актәи акварталазтәи  Амаҵзура аусура аихшьаалақәа.

Аилацәажәара мҩаҧигон АҳәынҭқарратәАмиграциатә маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Р.З.Габлаиа, уи убасгьы иалахәын аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Е.Ч.Гамисониеи амаҵзура аиҟәшақәа реиҳабацәеи.

   Зыӡбахә ҳамоу аамҭахәҭазы Амаҵзура абас еиҧш аусқәа мҩаҧнагеит:

 -амедицинатә ршаҳаҭра иахысит-2681-ҩык ауаа;

-урҭ рахьтә иаарҧшын:

-агепатит В змаз- 110- ҩык;

-агепатит С-50- ҩык;

-агепатит В-С-3- ҩык;

-а-ВИЧ-инфекциа-3- ҩык;

-аимҳәаду змоу рзы адыррақәа ыҟам;

-анаркологиатә диспансер аҟынтәи адыррақәа ыҟам;

ҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтәи аусуразы азин рызҭо 1389 патент рыҭан;

-аусурҭаҭаҩы иҟынтәи-176;

-аусурҭаҭаҩцәа иадрыҧхьало аҟазацәа -599;

-апатентқәа рыҭаразы ирыдыркылеи - 166 арзаҳал;

- иалагалаз аҳазаабаџь иартәеит - 12.353.500 мааҭ.

- 2024 шықәса актәи аквартал азы амиграциатәшәҟәҭагалара иахыжьын - 574 ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа;

- Аҟәатәи аӡбарҭахь инашьҭын - 117 административтә материал;

-зыӡбахә ҳәоу аамҭахәҭазы ашәҟәҭагаларазы ирыдыркылеит-3167 арзаҳал;
-ашәҟәҭагаларазы ишәаз  аҳазаабаџь ишьақәнаргылеит - 633 400 мааҭ.

-авиза аиуразы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтәи ирыдыркылеит- 2429 арзаҳал;

- ирымаз авиза ацҵаразы арзаҳал аларҵеит-2429-ҩык;

-авизақәеи ааҧхьарақәеи рзы ишәаз аҳазаабаџьишьақәнаргылеит-16.384.500 мааҭ.

  Иааизакны Аҧсны Аҳәынҭқарра абиуџьет иалагалан -36.498.382 мааҭ.

  Амаҵзура аиҳабы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны амиграциатә шәарҭадара аҧҵаразы аусқәа рырҕәҕәаразы ажәалагала ҟаиҵеит.

  Убри  аан ажәалагала ҟаҵан Аҧсны ААР ашҟаашәҟәы нашьҭызарц, аҳәаанырцәтәи атәылауаа Амиграциатә маҵзура аҟны рышәҟәҭагалара аан анацәашьҭахыхратә шәҟәҭагалара  иахрыжьларц азы, аусҳәарҭабжьаратә еиқәышаҳаҭра анапаҵаҩразы.

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа ирыдҵан аушьҭра-гәаҭаратә ҭыҧ «Ҧсоу» аҟны русура дырҕәҕәарц, иара убасгьы аҳәаанырцәтәи атәылауаа аамҭала ашәҟәҭагалара ахьрымоу аҭыҧқәа рҟны ареидтә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧыргаларц, урҭ ара рыҟазаареи русуреи азакәаншьаҭа амоу иамаму аилкааразы.

  Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аҟәшақәа реиҳабацәа ирыдҵан амаҵзурауаа рмаҵзуратә уалҧшьақәа ҭакҧхықәрала ирызнеиларц азы аинструктаж рахыжьра.

  Изыхәҭоу аҟәшақәа реиҳабацәа ирыдҵан аҳәаанырцәтәи атәылауаа атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, Аҟәатәи Аҳаирбаҕәаза аиҭашьақәыргыларазы усураҳәа Аҧсныҟа иааз,иаарласны азинтә документқәа рыҭара амҩаҧгашьазы аинструктаж рахыжьра.

 Аилацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо Амаҵзура аиҳабы аилазаара зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаҳхысыз ашықәс азы аасҭа русураҿы иаадырҧшыз алҵшәа ҳаракқәа рзы, иазгәеиҭеит аколлектив зегьы ҳәоуеиқәшәала русеицура.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me