амигрантцәа ара рыҟазаара азакәаншьаҭа амоу амаму ааилкааразы 65- ҩык рдокументқәа гәарҭеит.
Хҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аҧсны Амиграциатә маҵзурахьы инаган атәылаҿы рыҟазаара арежим ахьеиларгаз азы, урҭ аусуразы авизеи, аусуразы аршаҳаҭгеиа, аамҭалатәи аҭаҩреи рымамызт. Абарҭқәа рзы дара рганахьала административтә ҧкаанҵақәа шьақәыргылан Аҧсны Аҳәынҭқарра Административтә Кодекс 1 ахәҭа 1724 - тәи ахәҭаҷи 1 ахәҭа 1726 - тәи ахәҭаҷи рыла, арҭ аусқәа зегьы Аҟәатәи аӡбарҭахь инашьҭын, азакәаншьаҭа змоу аӡбамҭа адкыларазы.
Аҧсны Амиграциатә маҵзура аоперативтә ҟәшақәа ес-ҽны, аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аҧсны иҟоу амиграциатә закәанҧҵара иахьынӡа ықәныҟәо агәаҭаразы, ахылаҧшра-агәаҭаратә усқәа мҩаҧыргоит.
Ишәгәалаҳаршәоит! Амиграциатә закәанҧҵара аилагара афактқәа рзы абри аҭел аномер ала +8(840) 229 44 43 адырра ҟашәҵарц шшәылшо Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзурахьы.
Ҭелла адҵааларақәа уахи-ҽни ирыдыркылоит аоперативтә маҵзура аусзуҩцәа.