Аҟәа ақалақь Аџьармыкьа хада аҵакыраҟны ареидтә усмҩаҧгатәқәа.

06 Мшаҧы 2024

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә Амиграциатәмаҵзура аусзуҩцәа аҳәаанырцәи атәылауаа реизарҭа, русурҭа аҭыҧқәа, еиҳаракгьы Аҟәа Аџьармыкьа хадеи уи иаҵанакуа аҵакыреи рҟны имҩаҧыргоз ареидтә усмҩаҧгатәқәа раан,

амигрантцәа ара рыҟазаара азакәашьаҭа амоу амаму ааилкааразы 65- ҩык рдокументқәа гәарҭеит.

 Хҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аҧсны Амиграциатә маҵзурахьы инаган атәылаҿы  рыҟазаара арежим ахьеиларгаз азы, урҭ аусуразы авизеи, аусуразы аршаҳаҭгеиа, аамҭалатәи аҭаҩреи рымамызт. Абарҭқәа рзы дара рганахьала административтә ҧкаанҵақәа шьақәыргылан Аҧсны Аҳәынҭқарра Административтә Кодекс 1 ахәҭа 1724 - тәи ахәҭаҷи  1 ахәҭа  1726 - тәи ахәҭаҷи рыла, арҭ аусқәа зегьы Аҟәатәи аӡбарҭахь инашьҭын, азакәаншьаҭа змоу аӡбамҭа адкыларазы.

Аҧсны Амиграциатә маҵзура аоперативтә ҟәшақәа ес-ҽны, аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аҧсны иҟоу амиграциатә закәанҧҵара иахьынӡа ықәныҟәо агәаҭаразы, ахылаҧшра-агәаҭаратә усқәа мҩаҧыргоит.

 Ишәгәалаҳаршәоит! Амиграциатә закәанҧҵара аилагара афактқәа рзы абри аҭел аномер ала +8(840) 229 44 43 адырра ҟашәҵарц  шшәылшо Аҧсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзурахьы.

Ҭелла адҵааларақәа уахи-ҽни ирыдыркылоит аоперативтә маҵзура аусзуҩцәа.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me