Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура ашықәс азыбжазы имҩаԥнагаз аусура аихшьаалақәа рзы аилатәара.

08 Ԥхынгәы 2024

Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура ашықәс азыбжазы имҩаԥнагаз аусура аихшьаалақәа рзы аилатәара.

Ԥхынгәы мза 4, 2024 шықәса актәи азыбжа аҩныҵҟа Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура инанагӡаз аҳасабырбатә усура азы аилатәара мҩаԥган.

Аиԥылара мҩаԥысит амиграциатә маҵзура аиҳабы аинрал-маиор Габлаиа Рамин Заурҽиԥа инапхгарала.

Аҳасабырбатә еилатәара иалахәын амиграциатә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәа зегьы, амиграциатә маҵзура аструктуратә ҟәшақәеи, атерриториалтә ҟәшақәеи зегьы рнапхгаҩцәа.

Амигарциатә аҟәшақәа рнапхгаҩцәа 2024 шықәса актәи азыбжа аҩныҵҟа имҩаԥнагаз аҳысабырба ҟарҵеит.

Амиграциатә маҵзура иарбоу аамҭахәҭа иалагӡаны абас-еиԥш аусура мҩаԥнагеит:

- Авизақәа роуразы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтә – 5.773 арзаҳал  рыдыркылеит.

- Аҭаларазы ааԥхьарақәа рыҭаразы арзаҳалқәа – 8.

- Аусураҭаҩцәа рҟынтә 526 арзаҳал рыдыркылеит.

- Алегализациа рызуын, мамзаргьы арзаҳал алазҵаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусуразы апатент рыҭан – 5.126; урҭ рахьтә апатентқәа- 776.

- Амиграциатә шәҟәҭагалара иахыжьын – 8.561-ҩык.

- Амедицинатә гәаҭара иахысит - 6090-ҩык.

- А-ВИЧ инфекциа – 6- ҩык.

- Агепатит В змоу - 271-ҩык.

- Агепатит С змоу  - 156-ҩык.

Ахшәаарақәа:

- Аусуразы авизақәа рыҭара аан ишәаз аҳаза ишьақәнаргылеит- 39.817.270 мааҭ.

- Аусурҭаҭаҩцәа аҳәаанырцәтәи аусзуҩцәа аусура радҧхьалара азы аҳаза ишьақәнаргылеит – 8.212 мааҭ.

- Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусура азин рыҭаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылеит - 32.425.960 мааҭ.

- Аҳәаанырцәтәи атәылауа апатент рыҭаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылеит - 7.322.000 мааҭ.

- Аамҭалатәи аҭыԥ аҿы ашәҟәҭагаларазы – 5.925.122 мааҭ.

- Аусурҭаҭаҩцәа аҳәаанырцәтәи аусзуҩцәа рыхрархәареи аусура радҧхьалареи азы азин аҟаҵаразы Аҳәынҭқарратә ҳаза иартәеит - 7.989.500 мааҭ.

- Административтә ҧҟара инақәыршәаны аӡбарҭахь инашьҭын 162 материал.

- Ахараҧсатә санкциақәа рҟынтә Аҧсны Аҳәынҭқарратә абиуџьет иаланагалеит – 416.630 мааҭ.

- Аусурҭаҭаҩцәа рганахьала планла иарбаз агәаҭарақәа 28 мҩаҧган.

- Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтә 6-ҩык атәыла иалцан.

2024 шықәса актәи азыбжа аҩныҵҟа иаҵанакыз аамҭахәҭазы абиуџьет ахь иаланагалаз аҳәынҭқарратә ҳаза ишьақәнаргылеит 93.904.694 мааҭ.

Иара 2023 шықәса иара абри аамҭахәҭа иалагӡаны абиуџьет иалагалан  44.564.506 мааҭ. Аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны аизҳара 49.340.188 мааҭ ҟалеит.

Анаҩс, аҳасабырбатә еилатәараҿы амиграциатә маҵзура анапхагаҩы аинрал-маиор Габлаиа Рамин Заур-иԥа аоперативтә ҟәшақәа рҿаԥхьа аҭакԥхықәрақәа шьақәиргылеит, аҳәаанырцәтәи атәылауаа рыҟазаареи, русурҭеи, аамҭала ашәҟәҭагалара ахьрымоу аҭыԥқәа рхылаԥшра арӷәӷәара азы. Иара убас аҳәынҭқарратә ҳәаахьчаратә пункт «Ԥсоу» аҿы русмҩаԥгатәқәа дырӷәӷәарц.

Аусбарҭа анапхгаҩы асезонтә миграциа ахьеизҳауа атерриториақәа рҿы  ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭаразы адҵа ҟаиҵеит, аусзуҩцәа рлеишәа ахьчареи, аформа ашәҵареи рызҵаара дазааҭгылеит.

Амаҵзура аиҳабы , аусзуҩцәа  зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит русураҿы иаадырԥшыз алҵшәа ҳаракқәа рзы, иазгәеиҭеит аколлектив зегьы ҳәоуеиқәшәала русеицура.

Image

Аҭыӡҭыԥ

Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900

Ешба имҩа 164, ақ. Аҟәа

Аҭел: (8840) 229-44-36

E-Mail: gms.ra@yandex.ru

Адкыларҭатә сааҭ

Аџьатә, Авизатә аҟәшақәа

9:30 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа

асааҭ 13:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа

Ианрыдрымкыло амш: ахаша

Аинформациа ҽакы

Адкыларҭатә аҭел:

(8840) 229-44-36 Приемная

Аҷаԥшьара ахәҭа:

(8840) 229-44-43

Яндекс.Метрика

 

© 2020 Государственная Миграционная Служба Республики Абхазия || State Migration Service of the Republic of Abkhazia || All Rights Reserved.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me