Аҟәа имҩаԥысит «Аиааира аестафета».
Мшаԥы мза 4, 2025 шықәса азы, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа. Жәларбажьаратәи арратә-патриоттә усмҩаԥгатәқәа ракциа Аиааира иазкыз аестафета, 1941-1945ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы 80 шықәса Аиааира агара ахыҵра иазкыз, ацеремониатә митинг мҩаԥган.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә мигарциатә маҵзура анапхгареи, аусзуҩцәеи ари ацеремониатә еиԥылара рхы аладырхәит, 1941-1945ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ргәалашәара ҳаҭырла иазгәарҭеит. Идырым аруаҩ ибаҟа аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.