Лаҵара мза 8, 2025 шықәсазы, Владимир Гьаргь-иԥа Аршба ихыҵуан 66 шықәса.
Лаҵара мза 8, 2025 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура анапхгареи, аусзуҩцәеи Аԥсны афырхаҵа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ар ргенерал-леитенант, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьаӡатәи атәылахьчара аминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура раԥхьатәи анапхгаҩы Владимир Гьаргь-иԥа Аршба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Иахьа, лаҵара мза 8, 2025 шықәсазы Владимир Гьаргь-иԥа Аршба ихыҵуан 66 шықәса.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ар ргенерал-леитенант Владимир Гьаргь-иԥа Аршба.